Когда ожидалось нападение, абхазы звали воинов, то есть всех способных носить оружие, из соседних деревень себе на помощь. Половина всего количества бойцов располагалась скрыто в местах, откуда должен был появиться враг, остальные в ожидании неприятеля оставались в деревне, из которой заблаговременно вывозили женщин, детей, стариков и имущество, прежде всего скот, которые оставались в безопасных горах до окончания военных действий. Караульные свободно пропускали врага, не давая ему знать о своей засаде, и он попадал между двух огней.

До нас дошел древний термин для обозначения отдельных колонн, из которых состояло войско – «родовые огни» (амцахара).                    

Из книги Ш. Инал-Ипа

Аҧсны еилазгарц иашьҭоу, агәаҕ, ашьыцра бааҧс бираҟҵас ишьҭызхыз ауаа, хымҧада, иахьырхәхоит.

23.01.2014
Агәаҕ иарлашәыз шәахь

Аҧсуаа иҳамоуп Абрыскьыл изку аҳәамҭа. Уи аҳәамҭаҿы Анцәа иҿагылаз Абрыскьыл аҧааимбарцәа дыкны, ҳәагәыжьла дҧахны аҳаҧаҿы аихатә гәашьа дадҿарҳәалеит. Абрыскьыл агәашьа ыҵихырц шеишықәсеи ирҵысуеит. Иҵихырц маҷк шигу, дырганҵыхәак ааины агәашьа ахы инықәтәоит. Абрыскьыл убри аҵыс хәыҷы агәаҕ кны, исшьуеит ҳәа, ауыра аашьҭыхны иҟьоит, аҵыс агәашьа инықәҧраа ицоит, имҩаниҵыз ауыра агәашьа иҩасны иахьынӡаҵаз аҟара ҩба анышә илыҵанацалоит. 

Абас шеишықәсатәи иџьабаа аминуҭ азыҳәан аӡы илаҭаны, ҩаҧхьа агәашьа арҵысра далагоит Абрыскьыл. Ҳара аҧсуаа Абрыскьыл ихьыз ҳахьыр алшоит – ҳажәлар абасҟак аџьабаа ирбахьоу, рыҧсадгьыл азыҳәан шьеи ҧхӡи икарҭәахьоу зегьы аминуҭ азыҳәан аӡы иаҳҭар. Ҳаҽнаҳамкылар, ҳхы ҳазымиааир, агәаҕ ҳҽаҳҭар. Агәаҕ рацәахеит, ҳара ҳаҩныҵҟа. Агәаҕ ажәлар зырҕьацо мычӡам, уи моу иӡаазырҟәрыло ауп. Иара агәаҕ згәы иҭашыз ихаҭагьы уи дзацәцом, ишнеи-шнеиуа иара ишҟа икшоит – Абрыскьылгьы ихьыз уи ами. Иахьа џьоукы Аҧсны Ахада Анқәаб дшыхҭаркыз уахәаҧшуазар, иумбар залшом агәаҕ рыблақәа аш шыхнаҵаз, ак ада акы аабап ҳәа ргәы ишҭам, ҳажәлар уаҵәтәи рҧеиҧш ашәарҭа ҕәҕәа ишҭадыргылаз. Изусҭцәада урҭ иахьа зажәақәа урыхҟьашо, иҟаҵатәу, ишыҟаҵатәу аадыруеит ҳәа зҽыҭҳәа игылоу, ажәауаара узымҭо, дара рыда Аҧсны зҭаху, бзиа избо аӡәгы дыҟамшәа ицәажәо! 

Шамахамзар, ҵара змам, дырра змам харамхәыцқәак, жәлар ирыхәаша ускаҿы зхы ззаамырҧшыз, “аполитика” ахӡыргаразы еиҳа имариоушәа збаз џьоукы. Урҭ рахьынтә ҧыҭҩык мцыла, ҵабыргыла, рцәа иҭала, иҭыҵ ирулакгьы апарламент иалахәхартә шьарда аҧхӡы карҭәеит, уа знык ҳҽыҩнаҳажьыр ҳажәа акапан акырӡа еиҳахоит ҳәа ӡбаны. Амыждаразы инеиуан, избанзар, ишнеизҵҟәьа ахшыҩ ҳдырҵо иалагеит. Арахь ирҳәо уазыӡырҩыр – ауасамырҳәыга, хы змам, ҵыхәа змам агаӡа бызшәа. Аха убригьы учҳар ауан, агәаҕ еиқәаҵәа рылыжж иҟамызҭгьы рцәажәашьеи рхҿымҩаҧгашьеи. Згәаҕ иаганы иҧсуагьы аӡәы заҵәык иоуп – Анқәаб. 

Ҵоуп, иахьа Аҧсны аҭагылазаашьа мариам, уи умбар залшом. Ауалафахәқәа маҷуп, зхы зызныҟәымго ауаа ҳамоуп, ишаҳҭахыу еиҧш аекономика макьана изышьҭымҵыц, ацәгьоурақәа ирыгхом. Аха, урҭқәа зегьы зхароу Анқәаб имацара иоуп ҳәа ацәажәара иабанӡа иашоу, иабанӡа ҳақу. Ус ацәажәара иашаӡам зегь рыла. Анқәаб ҳажәлар рзыҳәан, Аҧсны азыҳәан абзиарақәа иҟаиҵахьоу рацәоуп, иахьагьы дырҿуп. Акгьы ҟазымҵац, ма злагала цәыкәбарк иаҟарам роуп узмыхәо. Аха, асеиҧш аусқәа цашьа рымаӡам. Агәра згоит ҳажәлар ражәа шырҳәо, Аҧсны еилазгарц иашьҭоу, агәаҕ, ашьыцра бааҧс бираҟҵас ишьҭызхыз ауаа шахьдырхәуа. 

 Руслан АИБА

Возврат к списку